Научно-исследовательский институт
экспериментальной патологии и терапии
академии наук Абхазии
Связаться с нами
Абхазия, г. Сухум, гора Трапеция, 17
(а/я НИИЭПиТ индекс 384900)
Тел/факс: +7 (840) 226-45-17, 226-77-58
Email: primat.ana@mail.ru

История создания института

1927 шықәса, нанҳәа мзазы, Аҟәа иазааигәаны амшын иаахгылеит апасаџьырмҩангагатә ӷба "Пестель". Усҟан абаӷәаза дмыргылацызт. Зхыԥхьаӡара рацәамыз апасаџьырцәа катерла иӡхыҵит. Аидара баржала акәын ишеиҭаргоз.

Аҟәараҿы даҽа аамҭак еиԥшымкәа ауаа рацәаны еизеит. Урҭ арахь ааира зызкыз "Пестель" иаанагаз ԥшь-маамынк ракәын. Аҵыхәа змаз апасаџьырцәа ауардын иақәырҵеит, нас Трапециа захьӡу ашьхахь амҩа иқәлеит. Ари ашьхаҿоуп иахьыҟоу Остроумов идача. Амаамынқәа аверанда змаз ауада иҩнарҵеит, избан акәзар, "аволиера №1" макьана аҿыцнхацәа рыдкылараз ихиамызт.

Абас Аҟәатәи амаамынаӡарҭа ашьаҭакрала иалагеит Аексперименталтә патологиеи атерапиеи рытҵаарадырратә институт аҭоурых.

Амаамынаӡарҭа аартра рыбзоуроуп Москватәи аексперименталтә ендокринологиа аинститут аҵарауаа. 1925 шықәса, абцара мзазы аинститут адиректор. Урыстәылатәи Афедерадивтә Асоветтә Республика агәабзиарахьчара акомиссар Н.А. Семашко иахь ашәҟы иҩит. Уи ашәҟәы аҿы иҳәан амедицинеи абиологиеи рзы ишыхадароу амаамынқәа рыла аҭҵаарақәа рымҩаԥгара. Аинститут аҵарауаа рыла ишьақәгылоу амедицинатә комиссиеи, егьырҭ аҭҵаарадырратә медицинатә еилакқәеи, аексперименттә биологиа аинститути рхаҭарнакцәа ақәҵара ҟарҵеит Амшын Еиқәа ахықәаҿ амаамынааӡарҭа аԥҵаразы.

Семашко Н.А. хадара ззиуаз акомиссиа шьақәырӷәӷәан. Ԥхынчкәын 1925 шықәсазы аҳәара ҟаҵан Кавказ Амшын Еиқәа аԥшаҳәаҿы амаамынааӡарта аиҽкаараз. Ари аус анагӡараҿы аҭыԥ ҷыда ааникылоит аинститут аусуҩы И.А. Тоболкин. Уи иаҳахьан апринц Олденбургски аекзотикатә ԥсаатәқәеи аҳаиуанқәеи раклиматизациа азы иҟаиҵахьаз аҽазышәарақәа. Аԥышәа ахархәара аман Аԥсны амаамынааӡарта аиҽкаараз аҭыԥ аналырхуаз. И.А. Тоболкин аԥшаҳәа ахи-аҵыхәеи ҭииҵааит. Азҿлымҳара аиҭеит 9 га зҵазкуаз Трапециа ашьха ишьҭаз, XIХ ашәышықәса анҵәамҭазы аҳақьым, апрофессор А.А. Остроумов идача.

Остроумов ақалақь Аҟәа иазкны иҩуан:"Аҟәатәи аклимат еизадоуп, ицәаакыуп, иԥхоуп, аԥша асӡом, иара убри алагьы Ницца еиԥшӡам... Иреиӷьу аамҭа цәыббра инаркны рашәарамзанӡа ауп, ашыӡ чымазара ҿиаӡом. Ибжьаратәу аԥхарра +15 0С, ааԥын +14 0С, аԥхын +23 0С, ҭагалан +17 0С, Аӡын +7,5 0С".

Убас иҟалеит, аҳақьым ду А.А. Остроумов иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дахьынхоз, аус ахьиуаз аҭыԥ ашьапы кын, ҳаамҭазтәи амедицина хәызмам алагала азҭаз аинститут.

Аха амаамынааӡарҭа аҭыԥ алхра иаарласны изымыӡбахеит. Академик П.П. Сушкин еиҳа еиӷьны иԥхьаӡон амаамынааӡарҭа Талыш араион, Ленкоран иазааигәаны (Ермантәыла) аиҽкаара. Агәаанагарақәа еиқәымшәеит. Аҵыхәтәаны Г.А. Кожевников хантәаҩра ззиуаз акомиссиа ақәҵара ҟанаҵеит апитомник аргыларазы Остроумов идача алхзарц.1927 шықәса алгамҭазы Н.А. Лакобеи И.А. Тоболкини аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Остроумов идача апитомник аиҽкааразы аексперименталтә ендокринологиџ аинститут иаҭазарц. Иара убри ашықәс рашәарамза азы иалаган аволиер No1 аргылара. Нанҳәа 24 рзы Африкантәи иааган раԥхьатәи амаамынқәа.

Иҵит 90 шықәса. Ари аамҭа иалагӡаны амаамынааӡарҭа адунеи аҿы еицырдыруа приматологиа центрхеит. Иҟан иуадаҩыз аамҭагьы, аха аусура аанкыламызт. Иахьа аинститут аҿы аҵак ду змоу аҭҵаарақәа аус рыдулара иацырҵоит.

Для входа в личный кабинет
введите данные или зарегистрируйтесь.
Оставьте свои контакты и мы обязательно с вами свяжемся
Подписаться на рассылку новостей